Леван Давиҭашвили – Арегион аҿы Қырҭтәыла раҧхьатәи ҳәынҭқаррахоит апроект  SpaceX Starlink аусура иахьалаго
Леван Давиҭашвили – Арегион аҿы Қырҭтәыла раҧхьатәи ҳәынҭқаррахоит апроект  SpaceX Starlink аусура иахьалаго

2023 шықәса инаркны Қырҭтәыла аусура иалагоит апроект  Starlink. Амҩанызатә системақәа  Starlink аҳархәарала,   Қырҭтәылаҿ зыласра ҳараку ацәаҳәаҭбаатә интернет еиқәыршәазаауеит, — иҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили   аилахәыра  SpaceX ахаҭарнак  Бен Мак Вилиамс даниҧылоз. ьямсом.

Аминистр иҳәамҭала,   Илон Маск иеилахәыра  SpaceX ала ишьаҭарку Starlink иахьа Акоммуникациақәа рзы акомиссиа аҟынтә авторизациа аиуит.

«Starlink —  адунеи иреиҕьу амҩанызатә ацәаҳәаҭбаатә интернеттә системақәа иреиуп.  Уи адунеи зехьынџьара аинтернет аганахьала ауадаҩрақәа ахьыҟоу аҭыҧқәа зыласра дуу ацәаҳәаҭбаатә интернетла еиқәнаршәоит. Иахьазы  SpaceX иоунажьҭхьеит  2700 еиҳаны  Starlink амҩанызақәа. Ари асистема аҵакы ҷыда амоуп ашьахаракыратә регионқәа рҿы.  Starlink аларҵәара ашьҭахь,  агеографиатә зонақәа зегьы ирықәынхо ауааҧсыра аинтернет ахархәара рылшоит», — иҳәеит Леван Давиҭашвили.