Леван Давиҭашвили Араԥцәа Еидҵоу Аемиратқәа адәныҟатәи ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр Ҭани Бин Аҳмед Аль Зеиуди диԥылеит
Леван Давиҭашвили Араԥцәа Еидҵоу Аемиратқәа адәныҟатәи ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр Ҭани Бин Аҳмед Аль Зеиуди диԥылеит

Авице-аԥыза, Аекономикеи ишьақәгылоу аҿиреи рминистр Леван Давиҭашвили Қырҭтәыла визитла иҟоу Араԥцәа Еидҵоу Аемиратқәа адәныҟатәи ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр Ҭани Бин Аҳмед Аль Зеиуди диԥылеит.

Аекономика аминистрра аинформациа ала, аиԥылараҿ ирыхәаԥшит ахәаахәҭра-економикатә усеицура ашьаҭатәи хырхарҭақәа. Ҷыдала иазааҭгылеит атәылақәа рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭразы аиқәҽаҳаҭра абжьаҵара аҵакы.

Иазгәаҭан, Қырттәылеи Аемиратқәеи ҩганкалатәи ахәаахәҭра адинамика шызҳауа, 2023 шықәса ажьырныҳәазы аекспорт 123% рыла, 2022 шықәсазы 51% рыла шызҳаз.

Авице-аԥыза Леван Давиҭашвилии Араԥцәа Еидҵоу Аемиратқәа адәныҟатәи ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр Ҭани Бин Аҳмед Аль Зеиудии ҩганкалатәи абизнесфорум аадыртуеит, рнапқәа аҵадырҩуеит зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аилацәажәарақәа рхыркәшара иазкә адокумент, аилацәажәарақәа хәажәкыра 15 рзы Қарҭ иалагеит.