Леонид Калашников – Урыстәыла еснагь Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ршәарҭадара еиқәнаршәон, ҳаҧхьаҟагьы еиқәнаршәоит
«Урыстәыла еснагь Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ршәарҭадара еиқәнаршәон, ҳаҧхьаҟагьы еиқәнаршәоит», — иҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Леонид Калашников.
ЕАР Ашәарҭадратә хеилак Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟынтә арбџьармчқәа ралгареи абарҭ арегионқәа рхьыҧшымра иазку аӡбара аҧыхреи иазкны Урыстәылахь иҟарҵаз ааҧхьара иадҳәаланы Калашников ишиҳәаз ала, раҧхьа иргыланы, абри апроцесс ампыҵахалара ҳәа иашьҭоу атәылақәа дара импыҵархалаз аҵакырадгьылқәа дырхынҳәроуп.
Аурыс депутат иҳәамҭала, зны, Британиа ахатә бџьармчқәа Кипр аҟынтә алнагароуп, избанзар ари атәыла ҧасатәи аколониа аҵакырадгьыл импыҵахаланы иргеит, аха, Урыстәыла Аҧсни Цхинвали ахыхьчараҿы ирыцхраауеит.
Нанҳәа 4 рзы ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа: Естониеи, Франциеи, Ирландиеи, Норвегиеи, Британиа Дуи, Америкеи 2008 шықәса нанҳәазы Аахыҵ Уаҧстәыла иҟалаз ахҭысқәа ирыдәҳаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит. Аҳәамҭа ала, Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟынтә ахатә бџьармчқәа алганы, абарҭ арегионқәа рхьыҧшымра иазку аӡбара аҧырхырц.