"Лело", "Астратегиа Аӷмашенебели", "Амилаҭтә  ҵысра" Жәлар рыхьчаҩ иалхразы Анна Абашиӡеи Гьаргь Бурџьанаӡеи, Нази Џьанезашвилии ркандидатурақәа иқәдыргылоит
"Лело", "Астратегиа Аӷмашенебели", "Амилаҭтә ҵысра" Жәлар рыхьчаҩ иалхразы Анна Абашиӡеи Гьаргь Бурџьанаӡеи, Нази Џьанезашвилии ркандидатурақәа иқәдыргылоит

“Лело”, “Астратегиа Аӷмашенебели”, “Амилаҭтә ҵысра” Жәлар рыхьчаҩ иалхразы Анна Абашиӡеи Гьаргь Бурџьанаӡеи, Нази Џьанезашвилии ркандидатурақәа иқәдыргылоит. Ари атәы аоппозициатә партиақәа аконсультациақәа рышьҭахь аарыцҳаит. Аконсультациақәа ашқәа ркны мҩаԥысуан.

“Астратегиа ӷмашенебели” алидер Гьаргь Вашаӡе ишааицҳаз, “дара рзы ихадароуп аус еишьҭагыланы  ҟарҵарц”.

Аполитикатә субиектқәа Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь бжьҩык акандидатцәа жьҭаара 21-нӡа иқәдыргылароуп. Уаанӡа, ахәшьараҭаратә комиссиа алахәылацәа зегь реиҳа иҳараку ахәшьара  – 321 балл – ахԥатәи асектор ркандидат – Анна Абашиӡе ланаршьеит. Актәи хәҭыԥк аанызкылаз иреиуоуп Нази Џьанезашвилии Гьаргь Бурџьанаӡеи. Акомиссиа алахәылацәа ишаарыцҳаз, акандидатцәа ԥшькритерик – арепутациа, аиаша адгылара, аҵара, аԥышәа рыла иалырхи. Жлар рыхьчаҩ иалхразы 90-ҩык адепутатцәа рыбжьы аҭахуп.