Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Аиҧылара алахәылацәа 2012 шықәса ашьҭахь ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аусхкы аҿы иҟаз апрогресс иазааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла, абри аганахьала аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа ҩ-документк рҵакы, руакы 2014-2020  шықәсқәа ирызкын, егьи –  2022-2030 шықәсқәа рзы иазҧхьагәаҭоуп.

Иара убас, аиҧылараҿы  аусеицура аперспективақәагьы ирылацәажәеит.