Лаша Хуцишвили Аинфарструктуратә инвестициақәа рзы Азиа абанк (AIIB) ахада диԥылеит
Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили Китаи имҩаԥысуа Аинфарструктуратә инвестициақәа рзы Азиа абанк (AIIB) ажәабатәи аиԥылара ихы алаирхәоит. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны аминистр абанк ахада Џьин Лиқуин диԥылеит.
Афинансқәа рминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылара далахәын аминистр ихаҭԥуаҩ Екатерине Гунцаӡе.
Аиԥылараҿ иазааҭгылеит ҩганкалатәии ганрацәалатәи аусеицура азҵаарақәеи, Абанк Қырҭтәыла инанагӡо апроектқәеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи.
Афинансқәа рминистр AIIB ахада атәылаҿ иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа изку адыррақәа ииҭеит. Иара убас, аганқәа иазааҭгылеит Қырҭтәыла ала жәларбжьаратәи амасштабла аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара.