Лаша Хуцишвили ADB Агәҭанытәи Мраҭашәаратәи Азиа арегионтә департамент адиректор хада диԥылеит
Қырҭтәыла Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили ADB Агәҭанытәи Мраҭашәаратәи Азиа арегионтә департамент адиректор хада Иуџьин Жуков диԥылеит.
Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, аганқәа Қырҭтәылеи Азиа аҿиара абанки кыршықәсатәи русеицура иазкыз азҵаарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирыхәаԥшит. Иаҵшьны иазгәаҭан ADB ароль атәыла аекономикатәи, асоциалтәи, аинститционалтәи аҿиара аҿы.
Аиԥылараҿ иазааҭгылеит атәылазы аҵак ду змоу аинфраструктуратәи аԥсабарахьчаратәи апроектқәа рфинансыркра азҵаара.
Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрраҿ имҩаԥгаз аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Екатерине Гунцаӡе, ADB Қырҭтәылаҿ еснагьтәи амиссиа анапхгаҩы Лесли Берман Лами, аделегациа алахәылацәеи.