Лаша Абашиӡе - «Қырҭтәыла аихамҩа» Анаклиа аихамҩатә инфраструктура аргылара иалагоит
Лаша Абашиӡе - «Қырҭтәыла аихамҩа» Анаклиа аихамҩатә инфраструктура аргылара иалагоит

«Ҳара хара имгакәа атендер амҩаҧгареи  Анаклиатәи абаҕәазашҟа инеиуа аихамҩатә инфраструктура аргылара алагареи иазку аӡбара ҳадаҳкылеит», — иҳәеит «Қырҭтәыла аихамҩа» агенералтә директор.

Лаша Абашиӡе иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу апроект ду аҳәаақәа ирҭагӡаны, аихамҩақәеи, иара убас, аимадаратә цәаҳәақәеи дыргылоит.

«Анаклиатәи абаҕәазашҟа инеиуа аихамҩатә инфраструктура аргылара хыркәшахоит  2–2,5 шықәса рыла», — иҳәеит  Лаша Абашиӡе.