Лаҵара 17 рзы, Аҭаацәара ацқьара амш инамаданы, Кашвеҭи аныхабаантә Самеба аныхабаа аҟынӡа аныҟәара мҩаҧгахоит
Лаҵара 17 рзы, Аҭаацәара ацқьара амш инамаданы, Кашвеҭи аныхабаантә Самеба аныхабаа аҟынӡа аныҟәара мҩаҧгахоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Апатриархиа.
„Лаҵара 17 рзы Қырҭтәыла Аҭаацәара ацқьара амш азгәарҭоит. Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Шио ахҧатәи Самеба аныхабааҿ раҧхьатәи иныҳәатә ныҳәара мҩаҧигоит.
Аныҳәараҿ иҟазаауеит еиуеиҧшым аҭыҧантәи ауахәамақәа рделегациақәеи, егьырҭ асасцәеи, Қырҭтәыла Аиашахаҵаратә уахәама адоуҳатә хаҿқәеи, аберцәеи.
Аамҭакала, асааҭ 11 рзы, Қашвеҭи аныхабаа аҟынтәи Самеба аныхабаа аҟынӡа аныҟәара мҩаҧгахоит“, – иануп Апатриархиа аинформациаҿы.