Курсеби ақыҭан адгьылҳәазара азонантә зынӡа иалгоуп 45 аҭаацәарақәа. Ари атәы ааицҳаит Тҟибули амуниципалитет ахада Давиҭ Кублашвили.
Адгьылҳәазара амшала, Қәҭешь-Тҟибули амҩатә цыҧхаҵәаҿы иарбанзаалак атранспортла аиҭаҵра ҟалом.
Аҭыҧаҿ аус зуа гәыҧҩык агеологцәа адгьылҳәазара амзызқәа реилкаара иаҿуп.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаҧшра амаҵзура аҟынтәи ишаарыцҳаз ала, аҭыҧаҿ аус руеит Аҩныҵҟатәиа усқәа рминистрра еиуеиҧшым аҟәшақәа рхаҭарнакцәеи, абыларцәыхьчаҩцәеи, аиқәырхаҩцәеи, иашьашәалоу атехникеи.