Крҵаниси амҩаҿ иҟалаз амҩатә машәыр аан аахақәа зауз даҽаӡәы иԥсҭазаара далҵит
Қарҭ, Крҵаниси амҩаҿ иҟалаз амҩатә машәыр аан аахақәа зауз даҽаӡәы иԥсҭазаара далҵит. Ари атәы Актәи аканал ахь “Ниу госпиталь” аҟынтә аарыцҳаит.
Ахәышәтәырҭа адыррақәа рыла, 50 шықәса зхыҵуаз ахаҵа иҭагылазаашьа цәгьан, аҳақьымцәа иԥсҭазаара аиқәырхара рылымшеит.
Амҩатә машәыр аан аахақәа зауз даҽа хҩык апациентцәа рҭагылазаашьа цәгьам, урҭ рҟынтә ҩыџьа аоперациақәа рзыруит. Аӡәы ареанимациатә ҟәшаҿы дышьҭоуп.
Рашәара 12 рзы аидаратә машьына амзызла “Ниу госпиталь” ааигәара амҩатә машәыр ҟалеит. Аахақәа зауз ауааԥсыра аклиника “Ниу госпиталь” иахь инаган.