Краматорск ақалақь аганахьала Урыстәыла имҩаԥнагаз ажәылараан аинформациатә агентра "Роитер" ахаҭарнак Раиан Еванс дҭахеит, ҩыџьа ажурналистцәа ахәрақәа роуит
Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу Краматорск ақалақь аганахьала Урыстәыла имҩаԥнагаз ажәылараан аинформациатә агентра “Роитер” ахаҭарнак Раиан Еванс дҭахеит, ҩыџьа ажурналистцәа ахәрақәа роуит.
Раиан Еванс “Роитер” аҿы ашәарҭадара азҵаарақәа рзы аконсультантс дыҟан. “Роитер” агәыԥ ахаҭарнакцәа асасааирҭа Сафир аҿы инхон, ари асасааирҭа урыстәылатәи ажәылара аепицентр аҿы иҟан.
Украина ахда Володимир Зеленски иҭахаз Раиан Евнс иҭаацәара алахәылацәа дрыдашшылеит. Ԥсасатәи британиатәи аруаҩ Еванс, “Роитер” аҿы 2022 шықәса инаркны аус иуан.
“Роитер” аинформациала, ахәрақәа зауз ажурналистцәа ахәшәтәырҭахь инагоуп, аӡәы иҭагылазаашьа цәгьоуп.