Кока Кацитаӡе – Ҳхадаратә х-ҧыжәарак роуп – иҳаракӡоу ахаҭабзиареи, иаарту аусеилыргареи, атәылауаа рзинқәа рыхьчареи

16:38, 10.11.2023

Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда анапхгаҩы  Кока Кацитаӡе ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара апарламенттә комитет аҿы дықәгылан, амаҵзура аусураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа дрылацәажәеит.

Иара иажәақәа рыла, ихьыҧшым Аусеилыргаратә маҵзуразы ахадаратә ҵакы рымоу х-хырхарҭак – иҳаркӡоу ахаҭабзиареи, аусеилыргара аартызаареи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи, абри ахырхарҭала иахәҭоу аусура амҩаҧгаразы аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵоуп.

«Адунеи зехьынџьара аусеилыргаратә органқәа рзы ахадаратә хықәкуп ауаажәлар рыгәрагара аиура. Зны-зынла ауааҧсыра ари аорган иахәаҧшуеит иарку структурак аҳасабала. Убри аҟынтә, ҳара, ахадаратә ҧыжәарақәас иҳәаақәаҳҵеит иҳаракӡоу ахаҭабзиареи, иаарту аусеилыргареи, атәылауаа рзинқәа рыхьчареи», — иҳәеит  Кока Кацитадзе.

 

Еиԥшу