Китаии, Урыстәылеи, Ирани Аладатәи Африка аӡқәа рҿы арра-амшынтә азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргоит
Китаии, Урыстәылеи, Ирани Аладатәи Африка аӡқәа рҿы арра-амшынтә азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргоит

Китаии, Урыстәылеи, Ирани Аладатәи Африка аӡқәа рҿы арра-амшынтә азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргоит. Ари атәы аанацҳаит агентра  Reuters.

Мчыбжьык инагӡахо азыҟаҵарақәа  «БРИКС Плиус» иара убас ирылахәып Египти, Саудтәи Аравиеи,  Ефиопиеи,  Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи.

Аладаафрикатә арратә маҵзуҩцәа рҳәамҭала, азыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп

«амшынтә ныҟәареи амшынтә економикатә усуреи ршәарҭадара аиқәыршәара».