Хәажәкыра 14 инаркны Китаи европатәи 6 ҳәынҭқаррак рҟны авизадатә режим шьақәнаргылоит. Ари атәы ааицҳаит Китаи адәныҟатәи аусқәа рминистр Ван И.
Аминистр иҳәамҭала, Китаи авизадатә режим шьақәнаргылоит Швеицариеи, Ирландиеи, Венгриеи, Австриеи, Бельгиеи, Лиуқсембурги ртәылауаа рзы.
«Иаҳа ирацәаны аҳәынҭқаррақәа Китаи атәылауаа авизадартә режим рыдаргалап ҳәа ҳгәыҕуеит, жәларбжьаратәи апассаџьыртә реисқәа ирласны реиҭашьақәыргылара ҳақәгәыҕуеит», — иҳәеит аминистр апресс-конференциаҿы.