Китаи автомобилтә ацҳа абгара амшала 11ҩык ҭахеит  
Китаи автомобилтә ацҳа абгара амшала 11ҩык ҭахеит  

Китаи, Шенси апровинциаҿ, автомобилтә ацҳа абгара амшала 11ҩык ҭахеит.

Ари арыцҳара ҟалеит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 08:40 рзы.

Ацҳа бгеит аӡхыҵра амшала.

Аҳәынҭқарратә медиа адыррала, 5 машьынак аӡиас иҭаҳаит,  30ҩык хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп.

Арыцҳара аҭыҧаҿ аиқәырхаҩцәа аус руеит.

Китаи алидер аҭыҧантәи анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит аиқәырхаратә операциазы алшарақәа зегьы рхы иадырхәарц.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы Китаи аӡхыҵрақәа ираамҭоуп, аҭыҧантәи анапхгара аҭакҧхықәра наӡа рхы иадҵаны, амониторинги агәҽанҵаратә системақәеи дырҕәҕәароуп.