Киевтәи аобласт аганахьала имҩаԥгаз аракетатә жәылараан ҩыџьа атәылауаа ҭахеит
Киевтәи аобласт аганахьала имҩаԥгаз аракетатә жәылараан ҩыџьа атәылауаа ҭахеит

Киевтәи аобласт аганахьала имҩаԥгаз аракетатә жәылараан ҩыџьа атәылауаа ҭахеит, урҭ дреиуп ахәыҷы. Аракета аԥҽыха Бровартәи араион аҿы ҩнык ақәҳаит. Хҩык ахәрақәа роуит, урҭ дреиуп 13 шықәса зхыҵуа аӡӷаб.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аракетатә жәылара уахынла мҩаԥган.

Киев арратә администрациа аиҳабы Сергеи Попко ишааицҳаз ала, ари, ҳазҭагылоу амзазы Киев аганахьала инагӡаз аҩбатәи ажәылароуп.