Ҟрымтәи ацҳа былуеит
Ҟрымтәи ацҳа былуеит

Импыҵахалоу Ҟрыми Урыстәылеи еимыздо ацха былуеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС. Акьыԥхь аинформациа ала, амца цралеит абылтәы зҭаҭәаз ацистерна.

Асоциалтә каҭаҿы ауааԥсыра аладырҵәаз авидеонҵамҭаҿ иубарҭоуп аихамҩеи автомобилтә амҩеи аԥхасҭа шроуз. Ацҳала аныҟәара аанкылоуп.

Урыстәыла ала импыҵахалоу адгьылбжьаха аихамҩа апрессмаҵзура аинформаца ала, Керчтәи ааҭгыларантә адәыӷбақәа ииагоуп, имҩаԥысуеит авариатә усурақәа.

Ҟрымтәи ацҳа Владимир Путин идҵала 2018 шықәсазы иргылан.