Кесариа Абрамиӡе лышьразы Қырҭтәыла апрокуратура хаҿык ахара иқәнаҵеит
Кесариа Абрамиӡе лышьразы Қырҭтәыла апрокуратура аӡәы ахара иқәнаҵеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаԥнагаз аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала, Кесариа Абрамиӡе дишьаанӡа, ацәгьоуҩит иишьызи еицәҳан, еилыҵит.
Цәыббра 18, асаа 15:50 рзы Адам Мицкевич имҩаҿ иҟоу дәқьанк аҿы ахара зду Б.Џь. «Opinel» аҳәызба ааихәан, Кесариа Абрамиӡе лызнеира иӡбеит.
Ахара зду ахаҿы иажәақәа рыла, Кесаиа Абрамиӡе аиԥылара дақәшаҳаҭхеит асоциалтә акаҭаҿы Б.Џь.-и лареи еицҭырхыз рпаҭреҭ ацәыргара ацынхәрас. Б.Џь. ари дақәшаҳаҭхеит.
Абрамиӡе лышҟа даннеи, Б.Џь.-и иишьызи иареи еицәҳан, Б.Џь. ҳәызбала 28-нтә Абрамиӡе длысит. Кесариа Абрамиӡе иаразнак лыԥсҭазаара далҵит.
Б.Џь. ахара иқәырҵеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 109-тәи ахәҭаҷ “ҭ”-и “м”-и ахәҭақәа рыла. Ари ацәгьоуразы 16 шықәса инаркны 20 шықәсанӡа ма ԥсраҽнынӡатәи аҭакра иазыԥхьагәаҭоуп.