Келли Дегнан – Саакашвили иҟаиҵо сызшәаҳәом, аха, аполитикатә аиҿагылареи амчылареи акәымкәа, Қырҭтәыла аҭынчра аҭахуп ҳәа анырҳәо, уи ҳақәшаҳаҭуп
Келли Дегнан – Саакашвили иҟаиҵо сызшәаҳәом, аха, аполитикатә аиҿагылареи амчылареи акәымкәа, Қырҭтәыла аҭынчра аҭахуп ҳәа анырҳәо, уи ҳақәшаҳаҭуп

«Саакашвили иҟаиҵо сызшәаҳәом. Ари азҵаара имаҷымкәа иалацәажәахьеит, Саакашвили ихаҭагьы аҳәамҭақәа ҟаиҵахьеит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан  Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иаара азҵаара даналацәажәоз.

Ацҳаражәҳәаҩ ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла алхрақәа ҭынч имҩаҧысроуп.

«Аполитикатә аиҿагылареи амчылареи акәымкәа, Қырҭтәыла аҭынчра аҭахуп ҳәа анырҳәо, уи ҳақәшаҳаҭуп. Иааиуа амшқәа рзы абасҵәҟьа иҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Дегнан.