Келли Дегнан – Қырҭтәыла аиҳабыра ирласны азакәанқәа рыдкылареи аиҭакрақәа рымҩаҧгареи рылшоит, Америка абарҭ ареформақа рымҩаҧгараҿы Қырҭтәыла ацхраара иазыхиоуп
«Америка ареформақа рымҩаҧгараҿы Қырҭтәыла ацхраара иазыхиоуп», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.
Келли Дегнан ишылҳәаз ала, анеҩстәи фымз — зҵакы дуу алшароуп, атәыла ари алшара ацәымӡроуп.
«Ҳара ибзиаҵәҟьаны иаабеит аиҳабыра ирласӡаны азакәанқәа рыдкылареи аиҭакрақәа рымҩаҧгареи шрылшо. Ииашаҵәҟьаны, аиҳабыра ирласӡаны аиҭакрақәа рымҩаҧгра рылшоит. Ақырҭуа жәлар аиҭакрақәа рҭахуп. Америка ареформақа рымҩаҧгараҿы Қырҭтәыла ацхраара иазыхиоуп. Ауааҧсыра зегьы еилыркаароуп анеҩстәи фымз — зҵакы дуу алшара шакәу, аамҭа рцәыӡыр ҟалом. Ақырҭуа жәлари, атәылауаҩратә уаажәларреи, аиҳабыра рыхәҭаки арҭ ареформақәа рымҩаҧгара шырҭаху здыруеит», — илҳәеит Келли Дегнан.