Келли Дегнан - Нато аҿы Қырҭтәыла ЕАШ аҟынтә адгылара ӷәӷәа амоуп
Келли Дегнан - Нато аҿы Қырҭтәыла ЕАШ аҟынтә адгылара ӷәӷәа амоуп

Нато астандартқәа рышьашәалара азҳара азы, ЕАШ Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа, Атәылахьчара аминистрра рыдгылара азы иааҟәымҵӡакәа амҩақәа рыԥшаара иаҿуп, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.

Ацҳаражәҳәаҩ лажәақәа рыла, Нато аҿы Қырҭтәыла ЕАШ аҟынтә адгылара ӷәӷәа амоуп.

„Қырҭтәыла алидерцәа Нато адгылаҩцәеи анапхгареи рҟны аимадара ахьрыбжьоу аҵак ду амоуп, Нато астандартқәа рышьашәалара азҳара азы, ЕАШ Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа, Атәылахьчара аминистрра рыдгылара азы иааҟәымҵӡакәа амҩақәа рыԥшаара иаҿуп. Ҳара Қырҭтәыла Нато алалара ҳадгылоит. Нато аҿы Қырҭтәыла ЕАШ аҟынтә адгылара ӷәӷәа амоуп“, –илҳәеит Дегнан.