Келли Дегнан – Иџьоушьаша абри атәылаҿ ацҳаражәҳәаҩс аусура сара сзы ҳаҭыр дуун, аҩызцәа гәакьацәа аансыжьуеит, Қырҭтәыла наӡаӡа сгәаҿы иаанхоит
«Америкеи Қырҭтәылеи адунеи зегьы иддырбоит ахақәиҭра бзиа избо ауааҧсыра адунеи лашьцаҿы анхара мап шацәыркәа», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келии Дегнан Америка Ахьыҧшымра амш инамаданы Америка ацҳаражәҳәарҭаҿ имҩаҧгаз адкылараҿы данықәгылоз.
Келли Дегнан ишазгәалҭаз ала, лара, ацҳаражәҳәаҩ лаҳасабала, аҵыхәтәантәи адкылара мҩаҧылгоит.
«Сынтәа сара, Америка ацҳаражәҳәаҩ лаҳасабала, Ахьыҧшымра амш иазку аҵыхәтәантәи адкылара мҩаҧызгоит.
Иџьоушьаша абри атәылаҿ ацҳаражәҳәаҩс аусура сара сзы ҳаҭыр дуун, аҩызцәа гәакьацәа аансыжьуеит, Қырҭтәыла наӡаӡа сгәаҿы иаанхоит», — илҳәеит Келли Дегнан.
Ацҳаражәҳәаҩ ишылҳәаз ала, ҧхынгәы 4 рзы Америка ашьаҭаркҩцәа атәыла ахьыҧшымра рыларҳәеит.
«Америка ашьаҭаркҩцәа ауааҧсыра рымаҵ зуа асистема аҧырҵит, ишаабо ала, ари асистема ауаа ашәҭыкакаҷра рзаанагеит.
Ақырҭуа жәлар изныкымкәа ишьақәдырҕәҕәахьеит адемократиа ишазгәыку. Ахьыҧшымреи ахақәиҭреи азгәыкроуп ҳаиҩызара ҕәҕәа шьаҭас иамоу. Убри азоуп америкауааи ақырҭуаа 30 шықәса рыҩныҵҟа апартниорра ҕәҕәа зрыбжьоу. Америкеи Қырҭтәылеи адунеи зегьы иддырбоит ахақәиҭра бзиа избо ауааҧсыра адунеи лашьцаҿы анхара мап шацәыркәа. Ҳара Қырҭтәыла ишәҭыкакаҷу, ишәарҭам, европатәи адемократиатә ҳәынҭқаррас аабар ҳҭахуп.
Америка ахьыҧшымра 247-тәи амш аназгәаҳҭо, шәааи, иаҳхамшҭып ҳара — америкауааи ақырҭуааи — аҭынчреи ахақәиҭреи азы ҳшеидгыло», — илҳәеит Америка ацҳаражәҳәаҩ.