Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциа аԥжәара амшала Херсонтәи аобласт аиланхарҭақәа аӡы ирхыҵәеит
Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциа аԥжәара амшала Херсонтәи аобласт аиланхарҭақәа аӡы ирхыҵәеит. Ари аарыцҳаит украинатәи аихқәа.
Херсонтәи аобласт иҟоу Каховкатәи аӡфымцалашаратә аԥжәара амзызла, Днепр арӷьаратәи аҟәараҿ, аӡхыҵра акритикатә зонаҿ иҟоуп 16000-ҩык. Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль иҟаиҵаз аҳәамҭала, 80 рҟынӡа аиланхарҭақәа аӡы рхыҵәар ҟалап. Островтәи амиркораион аҟынтә ауаа ревакуациа иалагеит.
Урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа Херсонтәи аобласт иҟоу Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциа иԥыржәеит.