Каха Куҷава – Ԥхынгәы 5-6 рзы иҟалаз ахҭысқәа ахаангьы еиҭаҟамлароуп, аиҿкааҩцәа зегьы аарҧшны, хымҧада ахьырхәра рыҭатәуп
Иахьагьы еиҭасҳәоит, ҧхынгәы 5-6 рзы иҟалаз ахҭысқәа ахаангьы еиҭаҟамлароуп. Ажурналистцәа ирҿагыланы иаарҧшыз агрессиа аиҿкааҩцәа зегьы аарҧшны, хымҧада ахьырхәра рыҭатәуп, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава.
«Агрессиа аиҿкааҩцәа зегьы аарҧшны, хымҧада ахьырхәра рыҭатәуп, ҳара уи ҳхамшҭроуп. Аусеилыргара инагӡоит. Сара агәра згом абри зегьы машәырла ишыҟалаз. Ажурналистцәа ржәылара заанаҵы гәыҧқәак рыла еиҿкаан», — иҳәеит Куҷава.