Каха Куҷава - Иашьашәалоу азинтә ашьаҭа иҟамкәа аӡәы маӡала ицәыҵаӡырҩра закәаным
Иашьашәалоу азинтә ашьаҭа иҟамкәа аӡәы маӡала ицәыҵаӡырҩра закәаным, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, закәандарала ацәыҵаӡырҩра ҟалом.
«Иарбанзаалак азакәандаратә цәыҵаӡырҩра закәаным. Азакәандаратә цәыҵаӡырҩра ҳалацәажәозар, уи азакәан аилагароуп, ацәгьауроуп. Ашәарҭадаратә маҵзура ахаҭарнакцәа роуп изыӡбо амилаҭтә шәарҭадара аиқәыршәаразы иззыӡырҩша, уи азы аӡбара аднакылоит иашьашәалоу аорган. Абри ауп ҳазлацәажәоз. Акомпетенттә хаҿқәа азҵаарақәа зегьы аҭак рырҭароуп. Иашьашәалоу азинтә ашьаҭа иҟамкәа аӡәы маӡала ицәыҵаӡырҩра закәаным», — иҳәеит Каха Куҷава.
Иара ишазгәеиҭаз ала, ателееилахәыраҿы анҵамҭақәа роужьҭра ииашам.
«Инеизакны иуҳәозар, абри зегьы иазҧхьагәаҭатәуп. Ателееилахәыраҿы анҵамҭақәа роужьҭра ииашам. Сара ибзиаҵәҟьаны еилыскаауеит абри зегьы асенсациатә ажәабжь ҿыцқәа рзы ахыҵхырҭа бзиа шакәу, аха, анҵамҭақәа закәандарала иҟаҵан ҳәа ҳҳәозар, ателееилахәыраҿы урҭ роужьҭра ҟалом», — иҳәеит Каха Куҷава.