Европатәии евроатлантикатәии аструктурақәа рахь аинтеграциа ақырҭуа жәлар рҭоурыхтә алхымҭоур, ари амҩала ԥхьаҟа ацара ҳгәы иҭоуп! – иазгәаҭоуп апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.
Куҷава ишазгәеиҭаз ала, Европатәи абираҟ алашьҭра иузудымкыло хҭысуп.
“Европатәи абираҟ алашьҭра иузудымкыло хҭысуп. Астратегиатә ҳпартниорцәа Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыхьчара иаҿуп. Қырҭтәыла аҿиараҿ урҭ ралагала дууп.
Ҳара ҳаззегьы аԥсадгьыл ҳамоуп, ҳҭоурых, ҳтрадициақәа ҳдин рҿы акыдцалара аҭыԥ амам,” – иҩит Куҷава.
Иацы, “Ҭбилиси праид” рыҿагылаҩцәа апарламент аԥхьа Евроеидгыла абираҟ ларышьҭит.