Каха Калаӡе  - Саакашвили идукатцәа ибзиаӡаны ирдыруеит Страсбургтәи аӡбарҭа иадҵаалар, еиҭах ишаҵахо
Каха Калаӡе  - Саакашвили идукатцәа ибзиаӡаны ирдыруеит Страсбургтәи аӡбарҭа иадҵаалар, еиҭах ишаҵахо

Аҳҭнықалақь ахада  Кахи Калаӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили идукатцәа ибзиаӡаны ирдыруеит Страсбургтәи аӡбарҭа иадҵаалар, еиҭах ишаҵахо.

Ажурналистцәа Калаӡе иазҵааит Саакашвили идукатцәа Страсбургтәи аӡбарҭа акәымкәа, еиҭах Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа изадҵаалаз. Калаӡе ишиҳәаз ала, дара абаандаҩы имлашьра иадҳаланы  Страстург аҟынтә аҭак роухьеит.

«Аҭагылазаашьа мариоуп. Ишәгәалашәозар ҟалап, аханатә, Саакашвили данааныркылаз,  «амлашьра акампаниа» ианалагаз, Страсбургтәи аӡбара ақәҵарас иаднакылаз, усҟан абжьагарас ирҭаз. Убри аҟынтә, идукатцәа ибзиаӡаны ирдыруеит ари аус еиҭах Страсбургҟа идәықәырҵар, еиҭах ишаҵахо», — иҳәеит Қарҭ ахада.