Қарҭ ахадара иаҵанакуа Акультуреи, аспорти, аҵареи аҿар русқәеи рзы ақалақьтә маҵзура ақәҿиарақәа змоу аспортсменцәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥнагеит.
Ақәҿиарақәа змоу аспортсменцәа, аолимпиатә чемпионцәа уҳәа уб. егь. аҳҭнықалақь ахадара аҟынтә аҳамҭақәа роуит.
Ауснагӡатә ихы алаирхәит Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, ихаҭыԥуаҩ Андриа Басилаиеи, Қырҭтәыла апарламенти аҳәынҭқарратә усҳәарҭәақәеи рхаҭарнакцәеи.