Каха Беқаури – Қырҭтәыла 116 ателеканалқәеи 43 арадиодырраҭарақәеи иҟоуп
Акоммуникациақәа рзы акомиссиа 2022 шықәсатәи аусура иазку аҳасабырба апарламентаҿ ацәыргараан акомиссиа ахантәаҩы Каха Беқаури адырраҭара аусхкы аҿы иҟоу атенденциақәа дрылацәажәан, ишиҳәаз ала, ҵыҧх Қырҭтәыла иҟан авторизациа змоу 116 ателеканалқәеи, алицензиа змоу 43 арадиодырраҭарақәеи, 22 иаарту амилаҭтә теледырраҭарақәеи.
Иара иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы адырраҭара атранзиттә обонентцәа рхыҧхьаӡара 755 нызқь иаҟаран, аҵыхәтәантәи хәышықәса рдыррақәа рыла, шықәсыкала абонентцәа рхыҧхьаӡара азҳауеит 2,1%-ла. Иара убас, акомиссиа ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, ҵыҧхтәи адыррақәа рыла, атехнологиа IPTV ҧасеиҧш аҧыжәара амоуп, уи атранзиттә дырраҭара аганахьала зегьы раасҭа аларҵәара змоу хархәагоуп.
Каха Беқаури аӡыргара аҟынтә ахашәалагьы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, 2022 шықәсазы адырраҭарақәа рзеиҧш аӡыргаратә хашәала 79,9 миллион лари иаҟаран.