Каха Беқаури -  АИХ рҿы ацәымҕратә бызшәеи, аинформациа ҧаршеи ахыҧхьаӡареи,  адезинформациеи азҳара иаҿуп, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит
Каха Беқаури -  АИХ рҿы ацәымҕратә бызшәеи, аинформациа ҧаршеи ахыҧхьаӡареи,  адезинформациеи азҳара иаҿуп, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит

АИХ рҿы ацәымҕратә бызшәеи, аинформациа ҧаршеи ахыҧхьаӡареи,  адезинформациеи азҳара иаҿуп, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит, — иҳәеит Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы акомиссиа ахантәаҩы Каха Беқаури  АИХ рзы иацҵаны арегулиациақәа рышьақәыргылара иазкны ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, арегулиациатә комиссиа ари аусхкы аҿы апроблемақәа раарҧшра иауалуп. Иара ишазгәеиҭаз ала, ацәымҕратә бызшәа арегулиациа мҩаҧгатәуп европатәи адиректива иашьашәаланы, европатәи аҳәынҭқаррақәа рҿы иҟоу аҧышәа ашьаҭала.

«Европатәи адиректива инақәыршәаны, ацәымҕратә бызшәа арегулиациа азутәуп. Арегулиациа иазку егьырҭ азҵаарақәа ирыдҳәаланы макьана амеханизм иҟам, изакәызаалак проектк иҟам. Убри аҟынтә, ҳоппонентцәақәак ацензуреи амеханизмқәеи рышьақәыргылара ҳгәы иҭоушәа ирҳәо ииашам», — иҳәеит Каха Беқаури.