Карен Донфрид - ЕАШ Молдовеи Қырҭтәылеи Евроеидгыла ралалара адгылоит
ЕАШ Молдовеи Қырҭтәылеи Евроеидгыла ралалара адгылоит, иалырхыз амҩа зеиԥшроу ибзиаӡаны иубарҭоуп, урҭ иҟаҵатәу ирдыруеит, ари аҟаҵаразы ихиоуп, – илҳәеит Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ Карен Донфрид абрифинг аҿы.
Донфрид лажәақәа рыла, ЕАШ Молдовеи Қырҭтәылеи рҟны аусеицура нанагӡоит арефомрақәа рынагӡараҿ рыцхраарц азы.
„Ҳара Евроеидгыла аҟынтә аҩтәылак рԥеиԥш иазку аҵак ду змоу асигналқәа ҳауеит. Молдовеи Қырҭтәылеи рҟны аусеицура наҳагӡоит арефомрақәа рынагӡараҿ рыцхраарц азы. Ари ацхыраара иазкны ҳевропатәи партниорцәа рҟнытә ақәшаҳаҭра ҳауеит, ари Евроеидгыла алалара арццакуеит. Қырҭтәылеи Молдовеи иалырхыз амҩа зеиԥшроу ибзиаӡаны иубарҭоуп, урҭ иҟаҵатәу ирдыруеит, ари аҟаҵаразы ихиоуп”, – илҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ Карен Донфрид.