Џьуншер Бурҷулаӡе Украиназы ишьаҭаркыз аконтракттә гәыԥ аиԥылара ихы алаирхәит
Џьуншер Бурҷулаӡе Украиназы ишьаҭаркыз аконтракттә гәыԥ аиԥылара ихы алаирхәит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе 50 рҟынӡа атәылақәа еидызкыло Украиназы ишьаҭаркыз аконтракттә гәыԥ аиԥылара ихы алаирхәит.  Ари атәы аарыҳаит Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин инапхгарала имҩаԥгаз аиԥылараҿ Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнагаз агрессиа иахҟьаны иҟоу аҭагылазаашьеи атәыла уадаҩрақәас амоу иахәаԥшит. Аконтакттә гәыԥ Украина адгылоит, Урыстәыла имҩаԥнаго аибашьра аҿагылоит.

ЕАШ атәылахьчара адепартамент аԥшьгарала Украина аконтакттә гәыԥ ахԥатәи аиԥылара мҩаԥган.