Џьуаншер Бурҷулаӡе "Шуман ихьӡ зху ашәарҭадареи атәылахьчареи рфорум" ихы алаирхәит
Џьуаншер Бурҷулаӡе "Шуман ихьӡ зху ашәарҭадареи атәылахьчареи рфорум" ихы алаирхәит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе “Шуман ихьӡ зху ашәарҭадареи атәылахьчареи рфорум” ихы алаирхәит.

Бриуссель имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аконференциа, Евроеидгыла адәныҟатәи ауқәеи ашәарҭадареи рполитиказы иреиҳаӡлу ахаҭарнак, Еврокомиссиа вице-ахада Жозеф Боррель ааиртит.

Џьуаншер Бурҷулаӡеи 45 тәылақәа рминистрцәеи европатәи евроатлантикатәи аинтегарциа азҵаарақәеи атәылахьчареи ашәарҭадареи рхырхарҭала иҟоу астратегиақәеи ирхәаԥшит.

“Шуман ихьӡ зху ашәарҭадареи атәылахьчареи рфорум” Евроеидгыла “Астратегиатә компас” аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьаӡа мҩаԥган, уи хықәкыс аман ашәарҭадареи атәылахьчареи рхырхарҭала апартниорра арҭбаара.