Џьуаншер Бурҷулаӡе - Иахьа агрессор иҿагыларазы зеиҧшҟамлац ала ҳаидгылароуп, Амшын еиқәа арегион аҿы аҭышәынтәалара ҳзеиқәмыршәар, европатәи ашәарҭадара архитектура зышьақәгылом
НАТО ахыхьчаратә министериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Бриуссель, Қырҭәтыла атәылахьчара аминистр НАТО аштаб-уадаҿы имҩаҧгаз аусуратә аиҧылара ихы алаирхәит.
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг анапхгара ззиуаз аиҧылара ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи наҟ-наҟтәи астратегиақәеи ирызккын.
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе аиҧылараҿы данықәгылоз ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, кыршықәса рыҩныҵҟа НАТО аоперациақәа рҿы ахадаратә контрибуторцәа иреиун, уи Қырҭтәыла аиҭакреи, арҕәҕәареи, Алианс астандартқәа рзааигәахареи иацхрааит.
«Иахьа агрессор иҿагыларазы зеиҧшҟамлац ала ҳаидгылароуп, Амшын еиқәа арегион аҿы аҭышәынтәалара ҳзеиқәмыршәар, европатәи ашәарҭадара архитектура зышьақәгылом», — иҳәеит Џьуаншер Бурҷулаӡе.