Џьуаншер Бурҷулаӡе арратә маҵзуҩцәа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе арратә маҵзуҩцәа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Ашықәс ҿыц Вазиани, атәылахьчаратә мчқәа мрагыларатә ахәҭа аԥшьбатәи ашьаҟар бригадаҿ даԥылеит,- аарыцҳаит Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.

Џьуаншер Бурҷулаӡе арратә маҵзуҩцәа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалан, рмаҵзуразы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Арратә маҵзуҩцәа Ашықәс ҿыц рыдырныҳәалеит атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы, аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии аминистр ихаҭыԥуааи.