Џьуаншер Бурҷулаӡе - Ақырҭуа ажәҩан ахьчара ауп хықәкыс иҳамоу
Џьуаншер Бурҷулаӡе - Ақырҭуа ажәҩан ахьчара ауп хықәкыс иҳамоу

Ҳтәыла ашәарҭадаразы аҵак ду амоуп аҳауахьчара арӷәӷәара, – иҳәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Қырҭтәыла апарламент аҿы “Аминистр исааҭ” аҳәаақәа ирҭагӡаны данықәгылоз.

Џьуаншер Бурҷулаӡе иажәақәа рыла, Атәылахьчаратә мчқәа рырҿиара ауснагӡатә план 2030 аҿы иазыԥхьагәаҭоу ихадароу априоритетқәа ирышьашәаланы, акымкәа аҵак ҷыда змоу ахәатәқәа аархәеит.

Аминистр ишазгәеиҭаз ала, ажәытә техника ҳаамҭазтәи атехникала ԥсаххоит, акцент ҟаҵоуп Нато астандартқәа ирышьашәалоу абџьар аахәаразы.