Џьозеф Боррель – Европатәи алидерцәа зегьы иаартны ирҳәеит Украинеи Молдовеи, хара имгакәа Қырҭтәылагьы Евроеидгыла ишалало
Џьозеф Боррель – Европатәи алидерцәа зегьы иаартны ирҳәеит Украинеи Молдовеи, хара имгакәа Қырҭтәылагьы Евроеидгыла ишалало

 

Арҭ атәылақәа апроцедурақәа ирхысаанӡа ҳазрыцхраауам,  аҧҟарақәа зегьы нагӡазароуп,  сара арҭбаара азҵаарақәа рзы сыспециалистым, аха, европатәи алидерцәа зегьы иаартны ирҳәеит Украинеи Молдовеи, хара имгакәа Қырҭтәылагьы Евроеидгыла ишалало, ари апроцесс шаарту, — иҳәеит Еврокомиссиа авице-ахада, адәныҟатәи аусқәеи  ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Европатәи ахеилак Иреиҳаӡоу ахаҭарнак   Џьозеф Боррель.

Иара иажәақәа рыла, атәылақәа зегьы Евроеидгыла арҭбаара иақәшаҳаҭуп.