Џьо Баиден - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыҧшылара алаларазы ҳадгылоуп, Америка наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит
Џьо Баиден - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыҧшылара алаларазы ҳадгылоуп, Америка наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит

Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыҧшылара алаларазы ҳаидгылоуп, Америка наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, – иануп Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы Америка ахада Џьо Баиден   Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили илзааишьҭыз ашәҟәы аҟны.

Ашәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала, „Америка наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, урыстәылатәи агрессиа аҿагылараҿы Қырҭтәыла иацхраауеит.

„Америка ауааҧсыра рыхьӡала,  иахьа Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш азгәазҭо шәареи ақырҭуа жәлари  бзиарас иҟоу зегьы шәзеҕьаҳшьоит. Қырҭтәылеи Америкеи ҩажәеижәаба шықәса рыҩныҵҟа аус еицыруеит, адунеи аҿгьы арегионаҿгьы аҭынчреи мышхәыбзазареи аиқәыршәара иацхраауеит.   Ҳара Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыҧшылара алаларазы ҳаидгылоуп. Америка наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, урыстәылатәи агрессиа аҿагылараҿы Қырҭтәыла иацхраауеит.  Анеҩстәи ашықәсқәа рзы, ҳмилаҭқәа иаҳа ихьчоу, иаҳа еиҕьу аҧеиҧш рзеиқәыршәаразы  Қырҭтәылеи Америкеи рпартниорра иаҳа иҕәҕәахап ҳәа сгәыҕуеит“, – иануп Џьо Баиден ишәҟәы аҟны, уи алалырҵәеит Саломе Зурабишвили.