Џьо Баиден иҳәамҭала,  G7 алидерцәа реиҧшҵәҟьа, иаргьы Урыстәылантә ахьы аимпорт ақәиҭымра азиуеит
Џьо Баиден иҳәамҭала,  G7 алидерцәа реиҧшҵәҟьа, иаргьы Урыстәылантә ахьы аимпорт ақәиҭымра азиуеит

 Америка ахада  Џьо Баиден иҳәамҭала,  G7 алидерцәа реиҧшҵәҟьа, иаргьы Урыстәылантә ахьы аимпорт иқәиҭымитәуеит.

Америка ахада ари атәы иҩит  Twitter аҿы.

«Путин Украина аибашьразы ахашәала имоурц азыҳәан,  Америка ахьы азы зеиҧшқамлац ала идуу ахә изышьақәнаргылеит. Ҳара,  G7 атәылақәа ҳрывагыланы, Урыстәыла миллиардла адоллар ахашәала азаазго ахьы аекспорти инеизакны аекспорт дуи мап ацәаҳкуеит», — иҩит Баиден.

G7 атәылақәа рлидерцәа германтәылатәи арегион Бавариа еизоит. Аиҿкаара иалоу аҳәынҭқаррақәа инрываргыланы, асаммит рхы аладырхәоит Индиеи, Аладатәи Африкеи, Аргентинеи, Сенегали, Индонезиеи алидерцәагьы.