Џьо Баиден  - Ҳпартиа аҟынтәи атәыла ахада иҭыҧаз Камала Ҳаррис лкандидатура шәыдазгалар сҭахуп, сара адгылара ҕәҕәа лзаасырҧшуеит
Џьо Баиден  - Ҳпартиа аҟынтәи атәыла ахада иҭыҧаз Камала Ҳаррис лкандидатура шәыдазгалар сҭахуп, сара адгылара ҕәҕәа лзаасырҧшуеит

Америка ахада  Џьо Баиден   2024 шықәсатәи апрезиденттә алхрақәа рҿы Адемократиатә партиа аҟынтә атәыла ахада иҭыҧаз Камала Харрис лкандидатура дадгылоит.

Баиден ари атәы иҩит асоциалтә аҳа  Х аҿы.

«Сколлегацәа-демократцәа, аноминациа адкыларазы мап скырц сыӡбеит, сыҿҳәара нҵәаанӡа сыҧхықәрақәа назыгӡоит.  2020 шықәсазы, апартиа аҟынтә кандидатс саныҟаз, раҧхьа иргыланы, Камала Харрис авице-ахадас далсхит. Уи исыдыскылахьоу аӡбарақәа зегьы иреиҕьуп. Иахьа Камала ҳпартиа аҟынтә атәыла ахада иҭыҧаз кандидатс дықәсыргылар сҭахуп, сара ҕәҕәала слыдгылоит. Адемократцәа, аҽеидкылареи Трамп иаҵархареи аамҭа ааит. Шәааи, уи ҟаҳҵап   — иҩит  Баиден.