ЕАШ ахада Џьо Баиден иажәақәа рыла, ЕАШ Таиван ахьыԥшымра адгылом.
“Ҳара Таиван ахьыԥшымра ҳадгылом”, – иҳәеит Баиден.
Таиван алхырҭақәа раартра сааҭқәак шагыз, Вашингтон аҳәамҭа ҟанаҵеит алхрақәа рҽалагалара “ҟалом” ҳәа.
“Роитер” аинформациала, Баиден иадминистрациаҿ алхрақәеи аиҭаҵратә аамҭеи раан Китаи аҟны аибарххара ӷәӷәахап ҳәа ишәоит.
Таиван имҩаԥгаз апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит анапхгаратә партиа акандидат Уиллиам Лаи. Алхыҩцәа рҿаԥхьа данықәгылоз, Уиллиам Лаи Таиван астатсу-кови Китаи аҟынтә иаауа ашәарҭеи аҟынтә шихьчо ажәа риҭеит.