Џьо Баден иҩнаҿы имаӡоу даҽа ф-документк рбеит
Џьо Баден иҩнаҿы имаӡоу даҽа ф-документк рбеит

 

Америка ахада иҩнаҿы  13 сааҭ имҩаҧысуаз аимдараан имаӡоу даҽа ф-документк рбеит.

Ари аинформациа алаирҵәеит Баиден идукат.

Адокументқәа рыхәҭак  Баиден асенаторс даныҟаз аамҭа иаҵанакәет, егьи рыхәҭа   —  авице-ахадас даныҟаз.  Адукат иҳәамҭала,  аимдараан аарҧшын Америка ахада напыла иҟаиҵоз азгәаҭарақәеи урҭ ирыцу аматериалқәеи.

Аимдараан Америка ахадеи иҧҳәыси аҩны иҟамызт.  Баиден аусеилыргаҩцәа азин риҭеит Делавер иҟоу иҩны еимырдарц.

Баинен иҩнаҿы уаанӡагьы имаӡоу адокументқәа аадырҧшхьан.  Ари аинцидент азы ауселыргара инагӡоит. Ари аус азы иқәдыргылаз апрокурор ҷыда адетальқәа зегьы ҭҵааны,  еиликаауеит Америка ахада имаӡоу адокументқәа рыҵәахра апҟара еилеигоу еилеимгоу.