Џьеик Салливан -Ақырҭуа парламент алахәылацәа ихьанҭоу алхра ҟарҵароуп
Џьеик Салливан -Ақырҭуа парламент алахәылацәа ихьанҭоу алхра ҟарҵароуп

Ақырҭуа парламент алахәылацәа ихьанҭоу алхра ҟарҵароуп – ақырҭуа жәлар ирымоу евроатлантикатә аҽазкра адгылара ма адемократиатә хәынаӡарақәа ирҿанылоу Кремль астиль змоу атәым агентцәа ирызку азакәан адкылара, – асоциалтә каҭаҿы иҩит ашәарҭадаратә зҵаарақәа рщы Аҩны шкәакәа абжьагаҩ Џьеик Салливан.

«Қырҭтәыла адемократиа шьҭахьҟа ахьцаз ҳгәы ҳнархьит.  Ақырҭуа парламент алахәылацәа ихьанҭоу алхра ҟарҵароуп – ақырҭуа жәлар ирымоу евроатлантикатә аҽазкра адгылара ма адемократиатә хәынаӡарақәа ирҿанылоу Кремль астиль змоу атәым агентцәа ирызку азакәан адкылара. Аҵыхәтәантәи аамҭазы “Ақырҭуа гәхәтәы” змоу ариторика ақырҭуааи ЕАШ-и Европеи реиҟәшара ауп хықәкыс иамоу. Ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит», — иҩит Салливан.