Џьамтәыла иҟалаз адгьылҵысраан хҩык ҭахеит,  800ҩык иреиҳаны аахақәа роуит
Џьамтәыла иҟалаз адгьылҵысраан хҩык ҭахеит,  800ҩык иреиҳаны аахақәа роуит

Џьамтәыла аҩада-мраҭашәараҿ иҟалаз адгьылҵысраан хҩык ҭахеит,  800ҩык иреиҳаны аахақәа роуит. Аларҵәара зауз адыррақәа рыла,  5,9  амагнитуда амч змаз адгьылҵысра аепицентр  апровинциа Мраҭашәаратә Азербаиџьан  анхарҭатә пункт Хои иазааигәан.

Аҧсабаратә рыцҳара амшала 70 ақыҭақәа азарал ду роуит.