Џьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминист – Аахыҵ Кавказ арегионаҿ агеополитикеи аҵакырадгьылтә аиҿкаашьеи аҿы аиҭакрақәа ҟамлароуп
Џьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминист – Аахыҵ Кавказ арегионаҿ агеополитикеи аҵакырадгьылтә аиҿкаашьеи аҿы аиҭакрақәа ҟамлароуп

 

Аахыҵ Кавказ арегионаҿ агеополитикеи аҵакырадгьылтә аиҿкаашьеи аҿы аиҭакрақәа ҟамлароуп, – иҳәеит  Џьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминист Ҳусеин Амирабдолаҳиан аҭырқәа иколлега Мевлуд Чавушоҕлу даниҧылоз.

Џьамтәыла адәныҟатәи аусбарҭа анапхгаҩы иажәақәа рыла,  атәылақәа рҵакырадгьылтә акзаара ахьчара – ахадаратә ҵакы змоу принципуп.

„Арегион атәылақәа рыбжьара атранспорттә мҩақәа раартра – ари аусхкы аҿы зҵакы дуу азҵаарақәа иреиуп, уи арегионаҿ ахәаахәҭра ашәҭыкакаҷреи ашәарҭадара аҭышәынтәалареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьас иҳаҧхьаӡоит”, – иҳәеит Џьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминист.