Џьо Баиден - Сгәы ҭынчым, избан акәзар Путин атактикатә агәыцәтә абџьар изы иаирхәар ҟалап, ари ииашоуп
Џьо Баиден - Сгәы ҭынчым, избан акәзар Путин атактикатә агәыцәтә абџьар изы иаирхәар ҟалап, ари ииашоуп

Атактикатә агәыцәтә абџьар ахархәара ақәмақарра иреалуп, – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден.

“Ҩышықәса раԥҳьа аӡиас Колороадо аҭабара иазкны сгәы ҭынчым ҳәа сҳәон, ихы еилагоуп ҳәа исыхәаԥшуан. Иахьагьы абас исыхәаԥшуеит Путин тактикатә агәыцәт абџар ихы иаирхәар ҟалап ҳәа анысҳәо. Ари иреалуп”, – иҳәеит Баиден.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Беларус ахада Александр Лукашенко атактикатә агәыцәт абџьар аиура ашьҭахь иҟаиҵаз аҳәамҭала, ари абџьар 1945 шықәсазы ЕАШ Хиросимеи Нагасаки ирықәнажьыз абомба аҵкьыс хынтә иӷәӷәоуп. Ахада Баиден урыстәылатәи атактикатә агәыцәтә абџьар Беларус аҟны аргылара данахцәажәоз, ари “иҭакԥхықәрадоу аӡбара ауп” аҳәа иҳәеит.