Џьо Баиден - Ҳара Украина ҳацхраауеит адгьылаҿгьы, аҳаираҿгьы, амшынаҿгьы ахыхьчара ҕәҕәа аиқәыршәараҿы, уи арегионаҿ аҭышәынтәалара еиқәнаршәоит, иарбанызаалак ашәарҭара ааннакылоит
«Ҳара Украина ҳацхраауеит адгьылаҿгьы, аҳаираҿгьы, амшынаҿгьы ахыхьчара ҕәҕәа аиқәыршәараҿы», — иҳәеит Америка ахада Џьо Баиден G7 иалоу аҳәынҭқаррақәа еиқәдыршәаз азеиҧш декларациа аӡыргараан.
Џьо Баиден ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу адекларациа ашьаҭала, Украина ашәарҭадара агарантиақәа аиуеит.
Баиден ишазгәеиҭаз ала, Украина-НАТО ахеилак алахәылацәа зегьы еицҿакны иазхарҵеит наҟ-наҟ НАТО ашҟа Украина алалара ишақәшаҳаҭу.
«Ҳара Украина ҳацхраауеит адгьылаҿгьы, аҳаираҿгьы, амшынаҿгьы ахыхьчара ҕәҕәа аиқәыршәараҿы, уи арегионаҿ аҭышәынтәалара еиқәнаршәоит, иарбанызаалак ашәарҭара ааннакылоит», — иҳәеит Џьо Баиден.