Израиль атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала, ҲАМАС анаҵадырхалак ашьҭахь, Израиль Ҕаза асектораҿ ашәарҭадара арежим ҷыда шьақәнаргылоит
Израиль атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала, ҲАМАС анаҵадырхалак ашьҭахь, Израиль Ҕаза асектораҿ ашәарҭадара арежим ҷыда шьақәнаргылоит

Израиль атәылахьчара аминистр Иоав Галлант ишиҳәаз ала, ҲАМАС анаҵадырхалак ашьҭахь, Израиль Ҕаза асектораҿ ашәарҭадара арежим ҷыда шьақәнаргылоит. Ари аинформациа аладырҵәеит аҭыҧантәи АИХқәа.

Кнесет акомитет аилатәараҿы  Галант Израиль арратә планқәеи ахықәкқәеи дрылацәажәеит.

Иара иажәақәа рыла, ахадаратә хықәкқәа иреиуп ҲАМАС аҵыхәанӡа ақәхреи Ҕаза асектор азы Израиль аҭакҧхықәра наӡа аҧыхреи ашәарҭадаратә режим ҿыц аҧҵарала.

Галлант  акомитетт  алахәылацәа ишреиҳәаз ала, аибашьра нагӡахоит ахадаратә 3 етапк рхыркәшаранӡа.

«Уажәы ҳара актәи аетап ҳҭагылоуп, авиажәыларақәа мҩаҧаагоит, анеҩс, адгьылтә маниорвқәа рахь ҳаиасуеит, уи ҲАМАС аҵархареи уи аинфраструктура ақәхреи иазкуп », — иҳәеит  Галлант.

Иара иажәақәа рыла, ахҧатәи аетап Ҕаза асектораҿ ашәарҭада арежим ҿыц ашьақәыгылареи Ҕаза асектор азы Израиль аҭакҧхықәра аҧыхреи, Израиль атәылауаа ашәарҭадараҵәҟьа рзеиқәыршәареи иазкызаауеит.