Израиль абџьармчқәа Газа, аџьаама аҵаҟа абџьари адронқәеи ахьыҟарҵоз азауад хәыҷы рыԥшааит
Израиль абџьармчқәа Газа, аџьаама аҵаҟа абџьари адронқәеи ахьыҟарҵоз азауад хәыҷы рыԥшааит

Израиль абџьармчқәа Газа, аџьаама аҵаҟа абџьари адронқәеи ахьыҟарҵоз азауад хәыҷы рыԥшааит, – ааицҳаит Израиль абџьармчқәа рспикер Даниел Ҳагар.

“118-тәи бригада аруаа аџьаама аҩныҵҟа абџьари аԥырҩы дызҭам аппаратқәеи ахьыҟарҵоз азауад хәыҷы рыԥшааит. Ибзианы еилышәкаар сҭахуп – Заитунтәи араион аҟны иҟоу аџьаама абџьар ааглыхырҭас рыман. Аруаа аџьаамаҿ аимдара мҩаԥыргеитю Израиль арратә аинџьныртә корпус аруаа адгьылаҵантәи атонель рыԥшааит, уа аракетақәа рааглыхырҭа иҟан”, – иазгәеиҭеит Даниел Ҳагар.

Аларҵәара зауз авидеоҿ иубарҭоуп Газа, ақалақь Заитун араион аҟны иҟоу абџьар ааглыхратә лабораториа.